Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  Хорватиа адәныҟатәии европатәии аусқәа рзы аминистр диҧылеит
Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  Хорватиа адәныҟатәии европатәии аусқәа рзы аминистр диҧылеит

 

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  Хорватиа адәныҟатәии европатәии аусқәа рзы аминистр  Гордон Радман диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа 2 тәылак русеицура ахадаратә хырхарҭақәеи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит.

Аиҧылараҿы ирзааҭгылеит евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла иамоу акрызҵазкәа ақәҿиарақәа. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла азакәанҧҵаратә база Евроеидгыла азакәанҧҵара ашьашәалазаара иазкны Еврокомиссиа ицәырнагаз аҳасабырбара аҵакы. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьара ахәҭоуп, Еврокомиссиа аҳасабырбагьы уи шьақәнарҕәҕәеит.

Аҧыза-министр Хорватиа адәныҟатәии европатәии аусқәа рзы аминистр ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла  ахьыҧшымыреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, атәыла евроинтеграциеи адгыларазы.