Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили НАТО адгыларатә офис анапхгаҩы ҿыц диҧылеит
Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили НАТО адгыларатә офис анапхгаҩы ҿыц диҧылеит

Қырҭтыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  НАТО адгыларатә офис анапхгаҩы ҿыц Алеқсандр Виников диҧылеит.  Аибадырратә ҟазшьа змаз аиҧылараан Иракли Ҕарибашвили Алеқсандр Виников амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идныҳәаланы, иусураҿы ақәҿирақәа изеиҕьеишьеит. 

Аганқәа рхаҭарнакцәа  НАТО-и Қырҭтәылеи қәҿиарала русеицуреи аҩадаатлантикатә интеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла апрогресси, ари ахырхарҭала имҩаҧысуа ареформақәеи ирылацәажәеит.  Хшыҩзышьҭра ҷыда азун Мрагыларатә Европа арегион аҿы ашәарҭадара аҭагылазаашьеи Украина имҩаҧысуа аибашьреи. Аҧыза-министр даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит излауа ала ирласны аибашьра ахыркәшаразы жәларбжьратәи аиҩызареи адунеитә лидерцәа рҽазышәара аҵакы ду шамоу.