Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩа хада дылҧылеит
Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩа хада дылҧылеит

Қырҭтәылеи Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаареи русеицуреи, Украина имҩаҧысуа аибашьреи, арегион аҿы ашәарҭадара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьеи иалацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада Ҳелга Мариа Шмиди реиҧылараҿы.

Аҧыза-министр Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада ҭабуп ҳәа леиҳәеит Қырҭтәылаҿ аимакқәа аҭынчмҩала рҭыҧқәҵареи аибашьра амшала еиҟәшоу ауааҧсыра рыбжьара агәреибагара аиҭашьақәыргылареи апроцесс аҿы алагала ду азыҳәан, иара иаҵшьны иазгәеиҭеит Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәеи Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭра амеханизми аформати рҿы Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара ахантәаҩра ароль ду. Иракли Ҕарибашвилии Ҳелга Мариа Шмиди Украина имҩаҧысуа аибашьрагьы иазааҭгылеит.