Аҧыза-мимнистр Иракли Ҕарибашвили Иапониатәи Аҿиара абанк ахантәаҩы диҧылеит
Аҧыза-мимнистр Иракли Ҕарибашвили Иапониатәи Аҿиара абанк ахантәаҩы диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иапониатәи Аҿиара абанк ахантәаҩы Иасуши Киношита диҧылеит. Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла хазхаҭалатәии аҳәынҭқарратәии секторқәа рыдгылара амеханизмқәеи наҟ-наҟ аусеицура аперспективақәеи  ирылацәажәеит.  

Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи иапониеи рыбжьара аинвестициақәа рлиберализациеи, ари апроцесс ацхраареи ахьчареи иазку аиқәшаҳаҭра амч аиура аҵакы ҷыда. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәылеи Иапониеи рыла ҩганктәи аинвестициатә еиқәшаҳаҭра адкылареи ари аусхкы аҿы азакәанҧҵаратә база аҧҵареи атәыла аинвестициатә лагылазаара аиҕьтәреи атәылашҟа аинвесторцәа рыдыҧхьалареи иацхраауеит.