Апенитенциатә маҵзура шьақәнарӷәӷәеит Михеил Саакашвили аӡбарҭахь дшииаргаз
Апенитенциатә маҵзура шьақәнарӷәӷәеит Михеил Саакашвили аӡбарҭахь дшииаргаз

Апенитенциатә маҵзура шьақәнарӷәӷәеит иахьа имҩаԥысуа аӡбарҭатә процесс аҽалархәразы Михеил Саакашвили аӡбарҭахь дшииаргаз.

Апроцесс асааҭ 11 рзы иалагоит.

Аӡбарҭа ахыбра аԥхьа Михеил Саакашвили идгылаҩцәа еизеит. Аҭыԥ аҿы дырӷәӷәеит ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа.

Михеил Саакашвили ипроцесс абҵара 7 рзы иҭыԥ змаз аепизод иадҳәалоуп. Аӡбарҭатә процесс иахагылоуп хҩык аӡбаҩцәа рыла ишьақәгылоу аколлегиа.