Апарламенттә оппозициатә партиақәа рыхәҭак иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ирҧылеит
Апарламенттә оппозициатә партиақәа рыхәҭак иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ирҧылеит

Апарламенттә оппозициатә партиақәа рыхәҭак иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ирҧылеит. Аиҧылара алахәылацәа Евроеидгыла аҟынтә атәыла иаиуз 12 абжьагарақәа рынагӡашьа иалацәажәеит.

Ашәқәа ркны имҩаҧгаз аиҧылара иалахәын апартиақәа  «Лело», «Аҕмашенебели истратегиа», «Амилаҭтә ҵысра» аҟынтә адепутатцәеи ихьыҧшым адепутатцәеи.  Апартиақәа «Атәылауааи»  «Гирчи» ахаҭарнакцәа аиҧылара рхы аладырхәом.

«Аҕмашенебели истратегиа» иалахәы  Паата Манџьҕалаӡе ишиҳәаз ала, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарқәа рхаҭарнакцәа ргәаанагара аҵакы ду амоуп.

Аиҿкаара «Ииашоу алхрақәа» адиректор  Нино Долиӡе лҳәамҭала, Евроеидгылантә атәыла иаиуз 12 абжьагарақәа рынагӡаразы апарламент аусура ду мҩаҧнагароуп.