Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа Еврокомиссиа 12 абжьагарақәа рынагӡара иазку аҵыхәтәантәи ахәшьара цәырыргеит
Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа Еврокомиссиа 12 абжьагарақәа рынагӡара иазку аҵыхәтәантәи ахәшьара цәырыргеит

 

Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа Еврокомиссиа 12 абжьагарақәа рынагӡара иазку аҵыхәтәантәи ахәшьара цәырыргеит.

«Мызкы ашьҭахь,  Еврокомиссиа Қырҭтәыла акандидат астатус анашьаразы атәыла иаиуз 12 абжьагарақәа рынагӡара апроцесс ахәшьара анаҭоит. Уаанӡа, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа идырмазеит аҵыхәтәантәи ахәшьараҭаратә документ, уи аҿы иарбоуп уажәтәи аҭагылазаашьеи атәыла анапхгара иҟарҵараны иҟоу ашьаҿақәеи.

Абжьагарак, ҧасеиҧш, инагӡам, уи  ECHR аӡбарақәа ҳзакәанҧҵарашҟа риагара иазкуп. 2 абжьагарак, бжеиҳарала, инагӡоуп, урҭ агендертә аиҟарареи аомбудсмени ирызкуп. Хәҭала инагӡоуп  7 абжьагарак, урҭ роуп  —  алхратәи аинституциатәи реформа, ихьыҧшым аӡбарҭа, АИХқәа рхьыҧшымра, антикоррупциатә шьаҿақәа,  агәыҧ ҷыдақәа, аӡбарақәа рыдкылара апроцессаҿ атәылауаҩратә уаажәларра алахәызаара. 2 абжьагарак уажәгьы инагӡам: адеполиаризациеи адеолигархизациеи.

Аамҭа ҳацәмаҷуп, аминуҭ цыҧхьаӡа, асааҭ цыҧхьаӡа аҵакы ду амоуп, избанзар, жьҭаара агәҭаны Еврокомиссиа аҵыхәтәантәи аӡбара аднакылоит», — иануп адокумент аҿы.