Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ааба Евроеидгыла абжьагарақәа рынагӡара иазку аҳасабырба цәырыргеит
Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ааба Евроеидгыла абжьагарақәа рынагӡара иазку аҳасабырба цәырыргеит

«Иаарту ауаажәларра» афонд анапхгарала, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ааба Евроеидгыла абжьагарақәа рынагӡара иазку аҳасабырба цәырыргеит.

Аҳасабырба авторцәа ишырҳәаз ала,  адокументаҿ иарбоуп ари ахырхарҭала иҟоу апрогресси апроблемақәеи,  иара убас,  уааҵәҟьа иҳәаақәҵоуп наҟ-наҟ иҟаҵатәу ашьаҿақәа.

Адокумент инақәырәшаны,  12 абжьагарақәа рҟынтәи ахы инаркны аҵыхәанӡа инагӡоуп акызаҵәык,  Страсбургтәи аӡбарҭ ақәҵара ахәаҧшра иазку апункт.  2 пунктк рынагӡараҿы акрызҵазкәа апрогресс иҟоуп ,  арҭ апунктқәа агендертә аиҟарареи еиҿкаау ацәгьауреи ирызкуп.  Хәҭала инагӡоуп 5 пунктк: ихьыҧшым Жәлар рыхьчаҩи,  ацхыраара зҭаху агәыҧқәа рыхьчареи,  акоррупциа аҿагылареи,  ихьыҧшым аӡбаратә системеи,  алхратә система аинституциатә реформақәеи. Инагӡатәуп 4 абжьагарак: адеполиаризациеи,  адеолигархизациеи,  атәылауаҩратә уаажәларра рылахәызаареи,  АИХқәа рхақәиҭреи.

Адокумент авторцәа ргәаанагарала, дара рыхәшьара рашәара 22 рзы Евроеидгыла ицәырнагаз абжьаратә ахәшьара иашьашәалоуп.