Жозеп Боррель иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа дырԥылеит
Жозеп Боррель иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа дырԥылеит

Евроеидгылa иреиҳaӡоaу aхaҭaрнaк, Еврокомиссиa aвице-aхaдa Жозеп Боррель иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа дырԥылеит. Аиԥылара ашьҭахт аиҿкаара “Ииашоу алхрақәа” анагӡаратә директор Нино Долиӡе ажурналистцәа ишралҳәаз ала, аиԥылараҿ зҵаара хаданы иқәгылан акандидат статус атема.

“Аиԥылараҿ ашьҭымҭа хадас иҟан – Қырҭтәыла акандидат статус анашьара азҵаара. Евроеидгыла ахаҭарнак ари аус аҿы ацхыраара ҳиҳәеит, жьҭааразы Евроеидгыла арекомендациа ҳанаҭар,ԥхынҷкәын азы акандидатстатус ҳаурц азы. Боррель ишазгәеиҭаз ала, ари ҩганкалатәи процесуп”,- илҳәеит Долиӡе.