Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа Еврокомиссиахь ааҧхьара ҟарҵеит "атәылаҿ апроблемақәа шыҟоугьы Қырҭтәыла астатус анашьаразы абжьагара ҟарҵарц"
Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа Еврокомиссиахь ааҧхьара ҟарҵеит "атәылаҿ апроблемақәа шыҟоугьы Қырҭтәыла астатус анашьаразы абжьагара ҟарҵарц"

«Қырҭтәыла, Евроеидгыла алалара амзызла акандидат астатус аиуразы   Еврокомиссиантә абжьагара иазыҧшуп.  Аиқәшаҳаҭра знапы аҵазҩыз ақырҭуа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ирзеиҧшу ахықәкы рымоуп  – Қырҭтәыла ауааҧсыра ринтересқәа рыхьчареи раарҧшреи, европатәи адемократиатә принципқәа рыхьчареи рырҕәҕәареи», — иануп иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.

«Қырҭтәыла, Евроеидгыла алалара амзызла акандидат астатус аиуразы   Еврокомиссиантә абжьагара иазыҧшуп.  Аиқәшаҳаҭра знапы аҵазҩыз ақырҭуа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ирзеиҧшу ахықәкы рымоуп  – Қырҭтәыла ауааҧсыра ринтересқәа рыхьчареи раарҧшреи, европатәи адемократиатә принципқәа рыхьчареи рырҕәҕәареи.

Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара реиҧшҵәҟаьа, ҳаргьы гәыкала иаҳҭахуп Қырҭтәыла Евроеидгыла алахәылас иҟаларц.

Убри азоуп ҳара Қырҭтәыла аиҳабыра рахь аҳәара зыҟаҳҵаз Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа аларҵарц. Қырҭтәыла европатәи аперспектива ананаршьа ашьҭахь, ҳҽазышәарақәа зегьы 12 абжьагарақәа рынагӡара иазкын.  Иахьа ибзиаӡаны иаабоит 12 абжьагарақәа рынагӡара аганахьала апроблемақәа шыҟоу, аха, аамҭакала, европатәи аҧеиҧш – атәыла ауааҧсыра зегьы еидызкыло аҽазышәара хадоуп.

Ҳара, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа, ҳгәы ишаанаго ала, акандидат астатус аиура ақырҭуа жәлар ревропатәи ҽазышәарақәа рзы акрызҵазкәа шьаҿахоит, аха, уи адагьы, ақырҭуа жәлар ирыцхраауеит Қырҭтәылаҿ урыстәылатәи аинтересқәа рҿагылараҿы, избанзар, Евроеидгыла шаҟа ирацәоу аҟара Урыстәыла имаҷуп.

Ҳтәыла европатәи аҩызцәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит, лымкаала, Еврокомиссиа алахәылацәа ҳрыҳәоит Қырҭтәыла апроблемақәа шыҟоугьы, 2023 шықәса ҧхынҷкәын азы ҳтәыла акандидат астатус анашьаразы абжьагара ҟарҵарц», — иануп иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рҳәамҭаҿы.