Апарламентаҿ Жәлар рыхьчаҩ дырзалымхит
Апарламентаҿ Жәлар рыхьчаҩ дырзалымхит

Қырҭтәыла апарламентаҿ Жәлар рыхьчаҩ дырзалымхит. Ари аҭыҧазы иқәгылаз   19ҩык акандидатцәа рҟынтә аӡәгьы иазхашаз абыжьқәа имоуит. Қырҭтәыла Аконституциа инақәыршәаны, Жәлар рыхьчаҩ далырхуеит  6 шықәса аҿҳәара иҭаны, апарламент алахәылацәа ахәба рыхҧа еиҵамкәа рбыжьқәа рыла. Ҽакала иуҳәозар, акандидат 90 абыжьқәа иоур акәын, аха, парламент иалоу партиакгьы абри аҟара абыжьқәа амам, убри аҟынтә, ари азҵааразы аполитикатә аиқәшаҳаҭхара аҭахын.

Жәлар рыхьчаҩ иҭыҧазы иқәгылаз  19ҩык акандидатцәа рҟынтәи апарламенттә оппозициа Анна Абашиӡеи, Гьаргь Бурџьанаӡеи, Нази Џьанезашвилии ркандидатурақәа ирыдгылон. Анапхгаратә гәыҧ – Лела Гаҧриндашвилии, Ҭинаҭин Ерқваниеи,  Нугзара Кохреиӡеи, Гьаргь  Мариамиӡеи, Қеҭеван  Чачавеи ирыдгылон.