Апарламент аҿы  "Амнистиа иазку" азакәанпроект иахәаҧшит
Апарламент аҿы  "Амнистиа иазку" азакәанпроект иахәаҧшит

Апарламент авице-спикер Давиҭ Сергеенко игәаанагарала, амнистиа алаҳәара аганахьала гхак ҟамларцаз, ари апроцесс хымҧада  апрофессионалцәа алахәызароуп.

Сергеенко ишиҳәаз ала, амчыларатә ацәгьаурақәеи аҭаацәараҿы амчылареи азы иҭаку ауааҧсыра амнистиа рыдкьыслом.

«Абри азҵаара иадҳәаланы аҵыхтәантәи аӡбара макьана иҳадаҳкылом, ари азҵаара иҵегьы ҳалацәажәоит. Аминистиа агәыҳалалратә актуп, убри аҟынтә,  ауаа ҧырхагак рмоурц азыҳәан, иҟалар зылшо ашәарҭарақәа зегьы иазҧхьагәаҭатәуп.  Апрофессионалцәеи ажәлари ари апроцесс рхы аладырхәыр, аоптималтә аӡбара адкылара ҳалшоит», —  иҳәеит Сергеенко.

«Амнистиа иазку» азакәанпроект инақәыршәаны, амнистиа рыдкьыслоит Қырҭтәыла ашьауҕатә закәанеидкыла ала иазҧхьагәаҭоу 44 ахәҭаҷқәа рзы иҭаку ауааҧсыра. Аҭаацәараҿы амчылареи, ауаҩшьреи, анаркотикқәа рыҭиреи азыҳәан иҭаку ауааҧсыра ари аиқәыҧхьаӡа иалам.