Апарламент аҿы Аиустициа ахеилак иӡбаҩцәам алахәылацәа ркандидатцәа рзы абжьыҭира аҩбатәи атур иахьа мҩаԥысуеит
Апарламент аҿы Аиустициа ахеилак иӡбаҩцәам алахәылацәа ркандидатцәа рзы абжьыҭира аҩбатәи атур иахьа мҩаԥысуеит

Апарламент аҿы Аиустициа ахеилак иӡбаҩцәам алахәылацәа ркандидатцәа рзы абжьыҭира аҩбатәи атур иахьа мҩаԥысуеит, – абиуро иахьати аилатәараҿ ааицҳаит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили иажәақәа рыла, абжьыҭиразы иқәдыргылоит иреиӷьу алҵшәа змоу ԥшьҩык акандидатцәа.

„Иацы Аиустициа ахеилак иӡбаҩцәам алахәылацәа  ралхра апроцесс аҿы иаанхеит иҭацәу ҩҭыԥк Иреиӷьу алҵшәа змоу ԥшьҩык акандидатцәа аҩбатәи атур ахь иасит, абжьыҭира ари азгьы мҩаԥаагоит“, – иҳәеит.

Иацы апарламент алахәылацәа Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак иӡбаҩцәам хҩык алахәылацәа алырхит. Иҭацәу ҩҭыԥк рзы абжьыҭира иахьа мҩаԥыргоит. Иацтәи апленартә аилатәараҿы Тристан Бенашвилии, Гьаргь Гзобавеи, Зураб Гураспашвилии иаҭахыз абжьқәа рхыҧхьаӡара роуит.