Апарламент, актәи аҧхьарала иаднакылеит анаркоацәгьаура иаҿагыло ақәҧра арҕәҕәара иазку азакәанҧҵаратә ариашарақәа
Апарламент, актәи аҧхьарала иаднакылеит анаркоацәгьаура иаҿагыло ақәҧра арҕәҕәара иазку азакәанҧҵаратә ариашарақәа

Апарламент, актәи аҧхьарала иаднакылеит анаркоацәгьаура иаҿагыло ақәҧра арҕәҕәара иазку азакәанҧҵаратә ариашарақәа. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла апарламент.

Азинтә зҵаарақәа рзы акомитет ахантәаҩы, азакәанпроект аҧшьгаҩцәа иреиу Арчил Гордулаӡе иҳәамҭала, зыӡбахәы ҳәоу ариашарақәа ацәгьаурақәа реиҟәшареи иашьашәалоу ахьырхәра арџьбареи иазкуп.

«Азакәанпроект инақәыршәаны, Ашьауҕатә закәанеидыла иацлоит ахәҭаҷ  260¹, ари ахәҭаҷ ҳәаақәнаҵоит анаркотикатә маҭәашьар закәандарала аҟаҵареи, ааглыхреи, амҩангареи, аиагареи. Еиқәыҧхьаӡоу ацәгьаурақәа рзы ахьырхәра иаҳа иџьбарахоит.

Азакәанҧҵара иацҵоу ахәҭаҷ  260³ инақәыршәаны, аҧсихотроптә маҭәашьар, уи еиҧшу амаҭәашьарқәа, мамзаргьы амарихуана иадҳәалоу ацәгьаурақәа рзы ахьырхәратә ҭагылазаашьақәа иаҳа иџьбарахоит.

Иара убас, азакәанҧҵара иацҵоу ахәҭаҷ  260² инақәыршәаны, аҧсихотроптә маҭәашьар, аканнабис ма амарихуана ашьҭаҵара, ма ашьҭаҵара ацхраара хазы ацәгьаурас иҧхьаӡахоит, уи азгьы ахьырхәра иаҳа иџьбарахоит», — иануп апарламент иаланарҵәаз аинформациаҿы.