Апарламент актәи аҧхьарала аднакылеит апартиақәа рфинансыркра иазку азакәанпроект
Апарламент актәи аҧхьарала аднакылеит апартиақәа рфинансыркра иазку азакәанпроект

Апарламент актәи аҧхьарала аднакылеит апартиақәа рфинансыркра иазку азакәанпроект.

«Атәылауаа рполитикатә аидҵарақәа ирызку» азакәан иаларгалараны иҟоу аҧсахрақәа ирықәшаҳаҭхеит  83ҩык адепутатцәа.

Азакәанпроект инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә аҧара роуеит апарламент адепутат имандатқәа ма амандатқәа рыбжьа зхы иазырхәо апартиақәа мацара. Амандатқәа мап рцәызкыз  апартиақәа фымз афинансыркра роуам.

Иара убас, апарламент, актәи аҧхьара ала, иадгылеит адепутатцәа рџьаусҧса иазку  арегламент иаларгалараны иҟоу аҧсахрақәагьы. Лымкаала, мызкы аҩнуҵҟа мзызда апарламент аилатәарақәа бжьазыжьуа адепутатцәа  мызктәи аџьаусҧса роуам.

Уи адагьы, иахьа адепутатцәа актәи аҧхьаарала ирыдыркылаз аҧсахрақәа инрықәыршәаны, абиуџьеттә финансыркра зцәыӡыз апартиақәа хәыҧсада аефиртә аамҭа роуам.