Андреи Руденко – Урыстәыла Украинаҟны аиҿцәажәарақәа реиҭалагара иазыхиоуп, Киев уи ишазыхиоу аанарҧшыр
Андреи Руденко – Урыстәыла Украинаҟны аиҿцәажәарақәа реиҭалагара иазыхиоуп, Киев уи ишазыхиоу аанарҧшыр

«Урыстәыла Украинаҟны аиҿцәажәарақәа реиҭалагара иазыхиоуп, Киев уи ишазыхиоу аанарҧшыр», —  иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ  Андреи Руденко.

«Ҳара ҳакәӡам аиҿцәажәаратә процесс иаҧырхагахаз, украинатәи аган роуп ари апроцесс аанызкылаз. Дара аиҿцәажәарақәа реиҭалагара ишазыхиоу аадырҧшыр, ҳәарада, ҳара уи ҳақәшаҳаҭхоит. Ҳазлацәажәаша иҟазароуп, уи ауп ихадоу», — иҳәеит  Руденко.

Иара убас, Руденко ишиҳәаз ала,  украинатәи абаҕәазақәа рышҟа анеирҭақәа раартразы мҩа заҵәык ауп иҟоу – урыстәылатәи аалыҵ аекспорт азы асанкциақәа раҧыхра.

«Ари азҵаара акомплекстә азнеишьала иӡбатәуп: ҳпартниорцәа ари аҭагылазаашьа излалҵша мҩак рыҧшаар рҭахызар, урыстәылатәи аалыҵ азы асанкциақәа раҧыхра азҵаара рыӡбароуп», — иҳәеит Руденко.