Андреи Касианов  - Беларусь аган аҟынтә ашәарҭара дууп
Андреи Касианов  - Беларусь аган аҟынтә ашәарҭара дууп

«Беларусь аган аҟынтә ашәарҭара дууп, ари азҵаара далацәажәеит Украина ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы  Алексеи Данилов», —  иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа назыгӡо  Андреи Касианов.

«Данилов ишиҳәаз ала, Ар рҧыза хада адҵа ҟаиҵар,  Украина Беларусь аҵакырадгьыл аҿы иҟоу, Украиназы ишәарҭоу  арратә обиектқәа ираахоит. Агәра шәсыргар сҭахуп Украинатәи аган  аибашьра амҩаҧгара аҧҟарақәа  ишрықәныҟәо.  Украинаа урыстәылатәи атҟәацәа ирызныҟәоит Женеватәи аконвенциа аҭагылазаашьақәа инрықәыршәаны», — иҳәеит  Андреи Касианов.