Анатоли Бибилов идҵа инақәыршәаны, Импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион Урыстәыла алалара иазку арефрендум рашәара 17 рзы мҩаԥгахоит
Анатоли Бибилов идҵа инақәыршәаны, Импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион Урыстәыла алалара иазку арефрендум рашәара 17 рзы мҩаԥгахоит

Импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион де факто ахада Анатоли Бибилов идҵа инақәыршәаны, Импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион Урыстәыла алалара иазку арефрендум рашәара 17 рзы мҩаԥгахоит.

Арҭ амшқәа рзы апрезидентрахь алхақәа рҿы аиааира згаз Алан Гаглоев иинаугурациа мҩаԥысуеит лаҵара 21 рзы.

Уаанӡа Гаглоев иҟаиҵаз аҳәамҭала, “амҭа анаауа, Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәылатәи Афедерациа алалара иазку арефрендум амҩаԥгаразы ихиазаауеит”.