Анаркоацәгьауразы иаанкылоу  Антон Чечин 8,5 шықәса аҭакра иқәырҵеит
Анаркоацәгьауразы иаанкылоу  Антон Чечин 8,5 шықәса аҭакра иқәырҵеит

Қарҭ ақалақьтә аӡбара анаркоацәгьауразы иаанкылоу  Урыстәыла атәылауаҩ  Антон Чечин  8,5 шықәса аҭакра  иқәнаҵеит.

Азыӡба рылеиҳәеит аӡбаҩ Џьвебе  Наҷҟебиа.

Антон Чечин  2024 шықәса ҧхынҷкәын 3 рзы даанкылан. Иара анаркотикқәа рацәаны раахәареи,  рыҵәахреи,  риагареи азы ахара идуп. Ари ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп  8 шықәса инаркны  20 шықәсанӡа аҭакра.