Амшынтә транспорт азы агентра Шәамахьтәыла инамаданы аҳәамҭа ҟанаҵеит
Амшынтә транспорт азы агентра Шәамахьтәыла инамаданы аҳәамҭа ҟанаҵеит

Амшынтә транспорт азы агентра Шәамахьтәыла инамаданы аҳәамҭа ҟанаҵеит

„Қырҭтәыла атранзиттә коридор аидара амцхә иахәамԥшыкуа аусура нанагӡоит. Иашьашәалоу аусҳәарҭақәа 24 сааҭтәи арежим аҿы аус руеит, аха аидареикәшара имариам.

Шәамахтәылеи Урыстәылеи реимадара “Хыхьтәи Ларс” аужьратә пункт мацарала ҟалоит, аха аидара аус адулара иагхоит, ари иахҟьаны Шәамахьтәыла лассы иԥхасҭахо аалыҵи афатәи рганахьала ауадаҩрақәа азцәырҵуеит.

Шәамахьтәылантә аҳәра ҳауеит Ланс альтернативас амшынтә транспорт алаҳхырц.

Амшын ахь адәылҵырҭа ахьамам аҟынтә, Қырҭтәыла абаӷәазақәа рхы иадырхәоит.

“Аҳәынҭқррақәа рыбжьара атранзиттә ахәаахәҭра иазку аконвенциа”  ала, амшын ахь адәылҵырҭа змам атәылақәа егьырҭ атәылақәа рбаӷәазақәа рхархәара ирылшоит”,  – иануп аҳәамҭ аҿы.