Амшынтә транспорт азы агентра — Америка ала атанкер аанкылара аҭагылазаашьақәа еилкаахеит, аекипаж алахәылацәа иреиуп ақырҭуа амшынуаагьы
Амшынтә транспорт азы агентра — Америка ала атанкер аанкылара аҭагылазаашьақәа еилкаахеит, аекипаж алахәылацәа иреиуп ақырҭуа амшынуаагьы

«Иаарту ахыҵҵырҭақәа рдыррақәа рыла,   2026 шықәса ажьырныҳәа 7 рзы Атлантикатә аокеанаҿ Америка ала иаанкылаз атанкер Marinera аекипаж иалахәып  28ҩык амшынуаа, урҭ рҟынтә фҩык Қырҭтәыла иатәылауаауп,                                                                                                                    руаӡәы аҕба акаҧдануп. Иара убас, аекипаж иалоуп  20ҩык Украина атәылауааи ҩыџьа Урыстәыла атәылауааи», — иануп Амшынтә транспорт азы агентра аинформациаҿы.

«Уажәазы иҟоу аинформациала, ари атанкер аанкылоуп Венесуела иазышьақәыргылоу жәларбжьаратәи асанкциақәа реилагаразы. Уажәазы, агентра, аекипаж ақырҭуа алахәылацәа ирызку аинформациа аизгара иаҿуп», — иануп аҳәамҭаҿы.

Урыстәыла абираҟ аҵаҟа иӡысуаз атанкер  Marinera америкатә аруаа рыла иаанкылан ажьырныҳәа  7 рзы. Ишдыруа ала, ҧаса ари аҕба Bela 1 ахьӡан, уи Ирани, Венесуелеи, Урыстәылеи рҟынтә анефҭ амҩангаразы Америка Афинансқәа рминистрра  «асиа еиқәа» иануп.

Америка анапхгара рҳәамҭала, иаанкылоу аҕба аекипаж алахәылацәа ашьауҕатә ахара рыдырҵоит.