Амшынтә транспорт азы агентра  - Ирак аӡқәа рааиагәара игылаз аҕба адронқәа рыла ажәылара ашьҭахь ақырҭуа амшынуаа ашәарҭара иҭагылам, ррепатриациа апроцесс мҩаҧысуеит 
Амшынтә транспорт азы агентра  - Ирак аӡқәа рааиагәара игылаз аҕба адронқәа рыла ажәылара ашьҭахь ақырҭуа амшынуаа ашәарҭара иҭагылам, ррепатриациа апроцесс мҩаҧысуеит 

Амшынтә транспорт азы агентра  аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Ирак аӡқәа рааиагәара игылаз аҕба адронқәа рыла ажәылара ашьҭахь ақырҭуа амшынуаа ашәарҭара иҭагылам, ррепатриациа апроцесс мҩаҧысуеит.

Агентра аинформациаҿы ишазгәаҭоу ала, иашьашәалоу ақырҭуа усбарҭақәа аҕба зтәу аилахәыраҟны еиҧҟьарада аимадара рымоуп, ақырҭуа амшынуаа ринтересқәа рыхьчаразы иаҭаху зегьы ҟарҵоит.

«Агентра иаиуз аинформациа инақәыршәаны, хәажәкыра 11 рзы, Ирак аӡқәа рааигәара игылаз аҕбаҿ аиницидент ҟалеит. Заанаҵтәи аинформациала,  уи адронқәа рыла ажәылара иадҳәалан. Аҕбаҿ иҟаз ақырҭуа амшынуаа ашәарҭара иҭагылам.

Иашьашәалоу ақырҭуа усбарҭақәа аҕба зтәу аилахәыраҟны еиҧҟьарада аимадара рымоуп, ақырҭуа амшынуаа ринтересқәа рыхьчаразы иаҭаху зегьы ҟарҵоит», — иануп агентра аинформациаҿы.