Амиран Гамҟрелиӡе  -  Қырҭтәыла авакцинациа ашьҭахь ареинфицирра 300 раҟара афактқәа аарҧшуп
Амиран Гамҟрелиӡе  -  Қырҭтәыла авакцинациа ашьҭахь ареинфицирра 300 раҟара афактқәа аарҧшуп

Қырҭтәыла авакцинациа ашьҭахь ареинфицирра 300 раҟара афактқәа аарҧшуп. Ажурналистцәа данырҧылоз ари тәы ааицҳаит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе.

Иара ишиҳәаз ала, авакцинациа ашьҭахь акоронавирус ҿызкааз ауааҧсыра рызынтәгьы имарианы ачымазара рхыргоит, реиҳара асимптомқәагьы рымам.  Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр аспециалистцәа арҭ афактқәа рыҭҵаара иаҿуп.

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Паата Имнаӡе иацы ишааицҳаз ала, авакцина раҧхьатәи адоза аҟаҵара ашьҭахь авирус ҿызкааз ауааҧсыра авакцина аҩбатәи адоза рзыҟарҵоит  адиагноз рзышьақәырҕәҕәара инаркны 120 мшы рышьҭахь.