Амиран Гамҟрелиӡе – Атәылаҿ ахԥатәи ацәқәырԥа алагахьеит, афактқәа зегь реиҳа ирацәаны Қарҭ, Аҷара, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла аарԥшуп, аха афактқәа зехьынџьара рацәахеит
Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе иажәақәа рыла, атәылаҿ ахԥатәи ацәқәырԥа алагахьеит.
Гамҟрелиӡе ишазгәеиҭаз, афактқәа зегь реиҳа ирацәаны Қарҭ, Аҷара, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла аарԥшуп, аха афактқәа зехьынџьара рацәахеит.
Амиран Гамҟрелиӡе импыҵахало аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ауааԥсыра рызҵаарагьы дахцәажәеит.
Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр анапхгаҩы иажәақәа рыла, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә иаауа атәылауаа рганахьала арегулиациақәа ԥсаххоит; мшаԥы 19 инаркны, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо атәылауаа 5 мштәи акарантин ацынхәрас, атестқәа рзыҟаҵарҵоит, иара убас урҭ рхатәгәаԥхарала авакцинациа апроцесс рхы аладырхәоит