Амиран Гамҟрелиӡе  - Акоординациатә хеилак уаҵәтәи аилатәараҿы  аӡбарақәа рацәа ҳадаҳкылоит
Амиран Гамҟрелиӡе  - Акоординациатә хеилак уаҵәтәи аилатәараҿы  аӡбарақәа рацәа ҳадаҳкылоит

Акоординациатә хеилак уаҵәтәи аилатәараҿы  аӡбарақәа рацәа ҳадаҳкылоит, ҳара арҭ азҵаарақәа рзы ҳаиқәшаҳаҭҳахьеит, — иҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе.

«Лымкаала, ҳазааҭгылоит  60 шықәса еиҳаны изхыҵуа ауааҧсыра азинҷыдақәа рзышьақәыргылареи  «апаспорт иаҵәа» азҵаареи. Абарҭ ауснагӡатәқәа атәылаҿы авакцинациа апроцесс арлахҿыхра иацхраароуп, избанзар, авакцинациа ада аепидемиа нҵәараны иҟам, ацәқәырҧа ҿыцқәа ҳрызҧшуп.  Рыцҳарас иҟалаз, аҧсҭбара ацлеит. Иҧсыз апациентцәа рҟынтә  99%  алаҵа ҟазымҵаз роуп. Ауааҧсыра 60% алаҵа ҟарҵар ҳҭахын, уажәазы  33,3% мацароуп алаҵа ҟазҵахьоу. Авакцинациа амилаҭтә план анагӡара ҳацәыхароуп, убри аҟынтә, излауа ала ирацәаны ауааҧсыра алаҵақәа рзыҟаҵараҿы иҳацхрааша ауснагӡатәқәа мҩаҧаагароуп », —  иҳәеит  Амиран Гамҟрелиӡе.