"Амилаҭтә ҵысра" ахаҭарнакцәа рҳәамҭала, атәыла анапхгара Ника Мелиа иаанкылара рҽазыркуеит

«Атәыла анапхгара Ника Мелиа иаанкылара рҽазыркуеит, аха, уи рцәыуадаҩхоит, уи рзыҟаҵом, избанзар, ҳара дҳахьчоит», — иҳәеит  «Иаку амилаҭтә ҵысра» алахәыла Заал Удумашвили.

«Ҧасеиҧш, уажәгьы дҳахьчоит.  Ника Мелиа Биӡина Иванишвили итҟәараҿы дҟалом. Иара дахьцо ҳаргьы ҳишьҭазаауеит. Ника Мелиа ибаандаҩтәра ргәаҕьып ҳәа сгәы иаанагом», — иҳәеит Заал Удумашвили.