Амиграциазы адепартамент аусзуҩцәа 121ҩык атәымуаа Қырҭтәыла иалырцеит
Амиграциазы адепартамент аусзуҩцәа 121ҩык атәымуаа Қырҭтәыла иалырцеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, арҭ ауаа Индиеи, Ирани, Ҭырқәтәылеи, Пакистани, Ираҟи, Египти, Либани, Мароккои, Филипинқәеи, Иорданиеи, Бангладеши, Чади, Кот-Диуари, Румынтәылеи, Урыстәылеи, Нигериеи, егьырҭ атәылақәеи ртәылауаа роуп.
Амч змоу азакәан инақәыршәаны, Қырҭтәыла иалцоу ауаа атәылашҟа аара азин рымам.