Америкатә сенатор  - Амшын еиқәа арегион аҿы Урыстәыла ахымҩаҧгашьа, Украинеи Қырҭтәылеи ржәыларагьы уахь иналаҵаны, иара убас, адезинформациа аларҵәареи НАТО адгылаҩцәа ирҧырхагоуп
Америкатә сенатор  - Амшын еиқәа арегион аҿы Урыстәыла ахымҩаҧгашьа, Украинеи Қырҭтәылеи ржәыларагьы уахь иналаҵаны, иара убас, адезинформациа аларҵәареи НАТО адгылаҩцәа ирҧырхагоуп

Амшын еиқәа арегион аҿы Урыстәыла ахымҩаҧгашьа, Украинеи Қырҭтәылеи ржәыларагьы уахь иналаҵаны, иара убас, адезинформациа аларҵәареи НАТО адгылаҩцәа ирҧырхагоуп , — иҩит  Twitter аҿы америкатә сенатор Митт Ромни.

Америкатә сенатор НАТО иалахәы Ҭырқәтәылахь ааҧхьара ҟаиҵеит рпозициа еиҭахәаҧшны, аргама иазхарҵарц Урыстәыла ахымҩаҧгашьа алианс аинтересқәа ишырҧырхагоу.

«Амшын еиқәа арегион аҿы Урыстәыла ахымҩаҧгашьа, Украинеи Қырҭтәылеи ржәыларагьы уахь иналаҵаны, иара убас, адезинформациа аларҵәареи НАТО адгылаҩцәа ирҧырхагоуп.  Ҭырқәтәыла ахатә позициа еиҭахәаҧшны, аргама иазханаҵароуп Урыстәыла ахымҩаҧгашьа НАТО аинтересқәа ишырҧырхагоу», — иҩит  Митт Ромни.

Урыстәыла – ҭырқәтәылатәи аизыҟазаашьақәеи арегион аҿы Урыстәыла ахымҩаҧгашьеи иалацәажәон Америкатә Сенат жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы акомитет аилатәараҿы.