Америка Украина арратә цхыраара апакет ҿыц шьақәдырҕәҕәеит
Америка Украина арратә цхыраара апакет ҿыц шьақәдырҕәҕәеит

Америка Украина арратә цхыраара апакет ҿыц шьақәдырҕәҕәеит. Ахада Џьо Баиден идҵала, Украина 600 миллион адоллар рыхә арратә цхыраара аиуеит.

Апакет иалоуп аракетатә комплексқәа  «Хаимарс», иара убас,   аминаҵхратә хархәагақәеи,  артилерриатә ахыршәқәеи,  еиуеиҧшым аџьаҧҳани.

Аҩны шкәакәаҿ ишырҳәаз ала, ацхырааратә пакет ала иазҧхьагәаҭоуп украинатәи аруаа разыҟаҵарагьы.