Америка Ахаҭарнакратә палата  аспикер еиҭах  дырзалымхит
Америка Ахаҭарнакратә палата  аспикер еиҭах  дырзалымхит

Америка ахаҭарнакратә палата  алахәылацәа ифынтәны аспикер  дырзалымхит.

Азакәанҧҵаҩцәа Кевин Маккарти икандидатуазы хынтә абжьыҭира мҩаҧыргеит, аха,  аруспубликатә партиа акандидат иаҭахыз абыжьқәа имоуит.

Иахьа Америка Ахаҭарнакратә палата еиҭах еизоит. Аспикер далырхаанӡа, Апалата ахаҭарнакцәа ҭоуба рызуам, убри аҟынтә, Аконгресс ҵаҟатәи апалата аусура изалагом.