Алхратә коллегиа алахәылацәа Қырҭтәыла ахадас далырхит Михаил Ҟавелашвили
Алхратә коллегиа алахәылацәа Қырҭтәыла ахадас далырхит Михаил Ҟавелашвили

Алхратә комиссиа хада алахәылацәа апрезиденттә алхрақәа рылҵшәақәа рыҧхьаӡеит. Алхратә коллегиа алахәылацәа Қырҭтәыла ахадас далырхит Михаил Ҟавелашвили.

Зынӡа иҧхьаӡоуп  225 абиуллетенқәа, алхратә коллегиа  224ҩык алахәылацәа Михаил Ҟавелашвили икандидатура иадгылеит.

Қырҭтәыла апрезиденттә алхрақәа мҩаҧган апарламент ахыбраҿы.

Раҧхьаӡа акәны атәыла ахада далхын ишиашамыз аҧҟарала, алхратә коллегиа алахәылацәа рыла. Атәыла ахада ҿыц далырхит хәышықәса аҿҳәара иҭаны.