Алиреза Арафи  Иран аамҭалатәи анапхгаратә хеилак алахәылас дҟаҵоуп
Алиреза Арафи  Иран аамҭалатәи анапхгаратә хеилак алахәылас дҟаҵоуп

Алиреза Арафи  Иран аамҭалатәи анапхгаратә хеилак алахәылас дҟаҵоуп.

Агентра  Reuters ари аинформациа аланарҵәеит ирантәи агентра адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Зыӡбахәы ҳәоу аорган Иран иреиҳаӡоу алидер Али Ҳаменеи инапынҵақәа нанагӡоит Аекспертцәа рассамблеиа алахәылацәа алидер ҿыц далырхаанӡа.

Аамҭалатәи анапхгаратә хеилак аҿы Алиреза Арафи Иран ахада Масуд Пезешкиниани Иреиҳаӡоу аӡбара ахантәаҩы Голам Ҳосеин Мохсени-Еџьеи аус рыциуеит.