Алеқсандр Хвҭисиашвили -  Судан иҟоуп  30ҩык раҟара ақырҭуаа
Алеқсандр Хвҭисиашвили -  Судан иҟоуп  30ҩык раҟара ақырҭуаа

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ  Алеқсандра Хвҭисиашвили иҳәамаҭала, уажәазы Судан иҟоуп  30ҩык раҟара ақырҭуаа.

Иара иажәақәа рыла, ақырҭуа аган Қырҭтәыла атәылауаа ревакуациазы аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит.

Аминистр ихаҭыҧуаҩ иажәақәа рыла, ақырҭуа аган ЕАР аофиси жәларбжьаратәи апартниорцәеи рҟын еиҧҟьарада аимадара рымоуп, иара ишазгәеиҭаз ала, Судан иҟоу ақырҭуаа рыҩнқәа рҿы иҟоуп, адәахьы идәылҵуам.

Судан,  атәыла арбџьармчқәеи арратә гәыҧ «Аоперативтә адгыларатә мчқәеи» рыбжьара аиҿагылара инагӡоит. АИХқәа иаладырҵәаз аҵыхәтәантәи адыррақәа инрықәыршәаны, иҭахеит  100ҩык инареиҳаны,  600ҩык инареиҳаны ахәрақәа роуит.