Алеқсандр Лукашенко  ззин иҟам амитингқәа ишиашоу аефир аҿы раарҧшра иқәиҭымитәит
Алеқсандр Лукашенко  ззин иҟам амитингқәа ишиашоу аефир аҿы раарҧшра иқәиҭымитәит

«Алеқсандр Лукашенко  ззин иҟам амитингқәа ишиашоу аефир аҿы раарҧшра иқәиҭымитәит», — ари аинформациа аланарҵәеит Беларус аҳәынҭқарратә информациатә агентра БЕЛТА.

Лукашенко инапы зҵаиҩыз азакәан инақәыршәаны, амассатә уснагӡатәқәа рымҩаҧгара ҟалоит аҭыҧантәи анапхгара рықәшаҳаҭхара мацарала.

Иара убас, ззин иҟам амитингқәа ишиашо аефир аҿы роужьҭра ҟалом. Ажурналистцәа  амассатә уснагӡатәқәа реиҿкаареи амитингқәа рҽалархәреи азин рымам.

Уи адагьы, азакәан аҿы иарбоуп заларҵәара ҟамло аинформациагьы.

Иара убас, Лукашенко аелектронтә коммуникациақәа ирызку азакәан иаларгалараны иҟоу аҧсахрақәа дрықәшаҳаҭхеит, аҧсахрақәа  инрықәыршәаны, атәыла амилаҭтә шәарҭадара аганахьала шәарҭарак ҟалар, аиҳабыра, ателекоммуникациатә аҳақәа русура аанкылара рылшоит.