Саломе Самадашвили - Беларусь  адипломатиатә нота аҭазар акәын,  уи аҿы Қырҭтәыла анапхгара ҳтәыла аҵакырадгьылтә акзаара пату ақәҵара иаҳәар акәын
Саломе Самадашвили - Беларусь  адипломатиатә нота аҭазар акәын,  уи аҿы Қырҭтәыла анапхгара ҳтәыла аҵакырадгьылтә акзаара пату ақәҵара иаҳәар акәын

Алеқсандр Лукашенко иҳәахьеит  иашьашәалоу аполитикатә ҭагылазаашьа аныҟалалак импыҵахалоу ҳҵакырадгьылқәа рхьыҧшымра шазхеиҵо», — илҳәеит апарламент аоппозициатә депутат  Саломе Самадашвили.

Лара лажәақәа рыла, Владимир Путини Беларуси импыҵаҳалоу ҳҵакырадгьылқәеи Украина иадырхыр ирҭаху адгьылқәеи рыла аидгыла ҿыц аҧҵара рҽазыркит,  Лукашенко ивизитгьы уи иазкызар ҟалап.

Самадашвили лҳәамҭала,  Беларус ала Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рызхаҵара  ашәарҭара иҟоуп,  убри аҟынтә,  Қырҭтәыла анапхгара Беларус адипломатиатә нато аҭаны,  Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара пату ақәҵара иаҳәар акәын.

«Беларусь  адипломатиатә нота аҭазар акәын,  уи аҿы Қырҭтәыла анапхгара ҳтәыла аҵакырадгьылтә акзаара пату ақәҵара иаҳәар акәын. Иара убас, ҳара ЕАРи, Евроеидгылеи, Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаареи рахь аҳәара ҟаҳҵар акәын дара Беларус ацҳаражәҳәаҩцәа ирыҧхьаны, агәҽанҵара рырҭарц Беларусь Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рхьыҧшымра иазханаҵар, ари атәыла аекономика ааха ҕәҕәа шаиуа азы.   Жәашықәса рыҩныҵҟа ҳтәыла анапхгара Урыстәылаҟны аизыҟазаашьақәа рҭыҧ иқәаҳҵоит ҳәа  ажәлар ржьара иаҿын, убри азоуп иахьа абри аҩыза аҭагылазаашьа ҳазҭагыло, уи европатәи ҳҧеиҧшгьы иаҧырхагоуп», — илҳәеит Самадашвили.