Саломе Самадашвили – Жьҭаара 4 «аҧҵаҩцәа» ауаажәларра адеморализациа иазку акампаниа иаҟәыҵроуп, акгьы зхылымҵыз ақәҧарақәа ҿырҧштәыс раагара ҟалом, уи аҕа иинтересқәа рықәныҟәароуп иаанаго
Арежим ахаҭарнакцәа рпропаганда акгьы ахылымҵит, атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы аӡәгьы дырзымжьеит, Қырҭтәыла ари ақәҧараҿы аиааира агоит, уажәы акгьы зхылымҵуа афырхаҵара иалацәажәо ауаа нас ирччагаха иаанхоит, — илҩит асоциалтә аҳаҿы апартиа «Лело» алахәыла Саломе Самадашвили.
Лара лажәақәа рыла, ауааҧсыра реиҳара ари ахҭыс иахәаҧшуеит аполитикатә ҭакҧхықәрадара аҳасабала.
«Ҳара 1920-тәи ашықәсқәа ҳарҭагылам, Бизина Сталин иакәӡам, 30 шықәса ҵуеит ҳтәыла ихьыҧшра аиуеижьҭеи. Акгьы зхылымҵыз ақәҧарақәа ҿырҧштәыс раагара ҟалом, уи аҕа иинтересқәа рықәныҟәароуп иаанаго. Ари атәыла аҧеиҧш бзиахоит. Аҭоурых иаҳнарбап жьҭаара 4 рзы иҟалаз…» — илҩит Самадашвили.