Саломе Самадашвили – Ҳтәыла урыстәылатәи анапхгара ирылшо зегьы ҟарҵоит Қырҭтәыла европатәи аорбитантә аныхразы
Саломе Самадашвили – Ҳтәыла урыстәылатәи анапхгара ирылшо зегьы ҟарҵоит Қырҭтәыла европатәи аорбитантә аныхразы

«Бельгиа аӡбара рыдыркылеит Европатәи ахеилак аҿы ишәарҭам атәылақәа рсиа аҟынтә Қырҭтәыла аныхразы», — илҳәеит апартиа  «Лело» алахәыла  Саломе Самадашвили.

Лара лажәақәа рыла, Бельгиа абри аҩыза аӡбара рыдыркылеит Қырҭтәыла азакәан аиҳаӡареи атәылауаа рзинқәеи ахьчара ахьалымшо амшала.

«Бельгиа ирыдыркылаз аӡбара инақәыршәаны, Қырҭтәыла атәылауаа ари аҳәынҭқарраҿ ахҵәацәа рстатус роуеит, избанзар ҳтәыла анапхгара ҳтәылауаа рыхьчара рылшом.  Ари аӡбара ҳаргәамҵуеит, избанзар, уи ҳтәылеи Евроеидгылеи рыбжьара авизадатә режим иадҳәалоуп.  Қырҭтәыла Евроеидгыла атәылақәа рҟны авизадатә режим амазарц азыҳәан, ҳтәыла ишәарҭам тәылас иҧхьаӡазароуп.  Бельгиа еиҧшҵәҟьа, егьырҭ атәылақәагьы абри аҩызацәҟьа аӡбара рыдыркылар, ҳтәыла авизадатә режим азааныркылар ауеит.   Ҳтәыла урыстәылатәи анапхгара ирылшо зегьы ҟарҵоит Қырҭтәыла европатәи аорбитантә аныхразы. Убри аҟынтә,  амилаҭатә хықәкы хада абри аиҳабыра аҧсахра иазкызароуп», —  илҳәеит  Саломе Самадашвили.