Алексеи Данилов - Иаҭаххар,  украинатәи ар Урыстәыла аҵакырадгьыл иалалар алшоит
Алексеи Данилов - Иаҭаххар,  украинатәи ар Урыстәыла аҵакырадгьыл иалалар алшоит

Украина Ашәарҭадареи атәылахьчареи  ахеилак  амаӡаныҟәгаҩ   Алексеи Данилов иҳәамҭала,  иаҭаххар,  украинатәи ар Урыстәыла аҵакырадгьыл иалалар алшоит. Данилов ари аҳәамҭа ҟаиҵеит  аҭыжьымҭа  Kyiv Post аинтервиу анеиҭоз.

«Ҳтәыла ахьчаразы иаҭаххар,  иахьаҭаху уа ҳҟалоит. Аӡәгьы ҳиазҵаауам. Аӡәы иргәамҵра аҭахым ҳәа ирҳәо зегьы башоуп», — иҳәеит  Данилов.

Украинатәи ачинҳаракҩы Урыстәыла аган аҟынтә иҟалар зылшо ажәылареи уи аҿы Беларус алахәызаара алшареи далацәажәеит.

«Беларусаа ҳажәлар ирҿагыланы аибашьра иалагоу иаламгоу аҳәара уадаҩуп. Уи имаҷымкәа афакторқәа ирхьыҧшуп. Ҳара ибзиаӡаны иаадыруеит беларусаа иҳҿагыланы аибашьра шырҭахым, ҳара ахаангьы цәгьарак рзыҟаҳамҵацт», — иҳәеит  Данилов.

Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла Беларус иақәыҕәҕәоит ари атәыла аибашьра аҽаланагаларц азыҳәан,  аха,  Данилов игәаанагарала,   Урыстәылеи Беларуси ари азҵааразы макьана изеиқәшаҳаҭымхеит.