Алексеи Арестович - Украина ицо аибашьраҿ иҭахеит 10 000-ҩык украинатәи аибашьцәа
Алексеи Арестович - Украина ицо аибашьраҿ иҭахеит 10 000-ҩык украинатәи аибашьцәа

Урыстәыла Украина ақәлеижьҭеи рашәара 3-нӡа иҟоу адыррақәа рыла, аибашьра иалаӡит 10000-ҩык украинатәи аруаа. Ари атәы аанацҳаит ВВС Украина ахада иадминистрациа абжьагаҩ Алексеи Арестович идырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Арестович иажәақәа рыла, украинатәи аган есымша ацәыӡуеит 100-ҩык украинатәи аруаа.

Арестович иҳәамҭала, Урыстәыла ацәыӡ ҩынтә еиҳауп. Украинатәи аиҳабыра аинформациала, аибашьраҿ иҭахеит 30000-ҩык аурыс аруаа.