Германтәыла Атәылахьчара аминистр - Европа аибашьра алагара шалшо еилаҳкаароуп, ари азы ҳҽазыҟаҳҵароуп
Германтәыла Атәылахьчара аминистр - Европа аибашьра алагара шалшо еилаҳкаароуп, ари азы ҳҽазыҟаҳҵароуп

Германтәыла Атәылахьчара аминистр Борис Писториус ауаажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵоит, Ааигәа Мрагылараҿ иҟоу акризис иазыԥхьагәаҭаны, аменталра ҿыц рымазарц.

Аминистр иашәақәа рыла,  Европа аибашьра алагара ашәарҭа иҟоуп.

„Европа аибашьра алагара шалшо еилаҳкаароуп, ари азы ҳҽазыҟаҳҵароуп“, –иҳәеит Борис Писториус.

Борис Писториус иажәақәа рыла, Германтәыла ахыхьчара алшароуп.

„Аибашьразы ишаҭаху ала ҳҽазыҟаҳҵароуп“, – иҳәеит аминистр.

Германтәыла Атәылахьчара аминистр Борис Писториус иазгәеиҭаз ала, Ааигәа Мрагылараҿ иҟоу аҭагылазаашьа аескалациа амзызла, Германтәыла Украина ацхыраара армаҷра агәы иҭам.