Володимир Зеленски - Ацивилизациатә дунеи сынтәа аибашьра хыркәнашароуп
Володимир Зеленски - Ацивилизациатә дунеи сынтәа аибашьра хыркәнашароуп

Ацивилизациатә дунеи сынтәа аибашьра хыркәнашароуп, – иҳәеит Украина ахада Володимир Зеленски.

Украина ахада иажәақәа рыла, аинформациатә усура рхы аладырхәароуп аинформацитә қәыԥшылараҿ анырра змоу ахархәагақәа зегьы, ари уажәы аҵак ду амоуп. Зеленски ишазгәеиҭаз ала, адунеи аҿы ирдыруазароуп Украинаҿ агрессиа шынагӡо.

Володимир Зеленски ишааицҳаз, аибашьра шцо атәылауаа ирхамышҭроуп, аха украинатәи аруаа ирыбзоураны, атәылауаа рацәа рзы аибашьра агеографиа аганахьала ихараны ицоит.