Шьалуа Папуашвили - Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи разықәԥараҿ украинатәи жәлар рфырхаҵара иҿырԥшыгоуп, ари еиҟарам аибашьраҿ Қырҭтәыла Украина адгылоит
Шьалуа Папуашвили - Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи разықәԥараҿ украинатәи жәлар рфырхаҵара иҿырԥшыгоуп, ари еиҟарам аибашьраҿ Қырҭтәыла Украина адгылоит

Ҩышықәа ирылагӡаны зықьҩыла иалаӡаз агәымбылџьбаратә аибашьра Европа агәҭаны ицоит, – иҩит асоциалтә каҭаҿы апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

,,Ҩышықәа ирылагӡаны зықьҩыла иалаӡаз агәымбылџьбаратә аибашьра Европа агәҭаны ицоит.

Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи разықәԥараҿ украинатәи жәлар рфырхаҵара иҿырԥшыгоуп, ари еиҟарам аибашьраҿ Қырҭтәыла Украина адгылоит.

Ари аибашьра ианалагаҵәҟьа, Қырҭтәыла, ашәарҭақәеи арискқәеи ирыхәамԥшыкәа, аполитикатә патформақәа зегьы рҿы Украина адазҳәазҵам адгылара азаанарԥшит.

Ҳара жәларбжьаратәи атрибунақәа зегьы рҟынтә Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Украина адгьыл аҿы аинтервенциа ааннакыларц“, – иҩит Папуашвили.