Акворум аҟамзаара амшала, аӡбарҭақәа ирызкны аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аиҿкаара азҵааразы аҵәҭаҧсара иахьагьы изымҩаҧымсит
Акворум аҟамзаара амшала, аӡбарҭақәа ирызкны аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аиҿкаара азҵааразы аҵәҭаҧсара иахьагьы изымҩаҧымсит

Апарламент апленартә аилатәараҿы акворум аҟамзаара амшала,  аӡбарҭақәа ирызкны аамҭалатәи аусеилыршгаратә комиссиа аиҿкаара азҵааразы аҵәҭаҧсара иахьагьы изымҩаҧымсит.

Аҵәҭаҧсара иалагаанӡа апарламенттә аиҳара алидер Иракли Кобахиӡе ишиҳәаз ала, дара аӡбарҭа ахьыҧшымреи ақырҭуа аӡбаҩцәеи даҽазнык адгылара ҕәҕәа рзаадырҧшуеит, убри аҟынтә, апарламенттә аиҳара арегистрациа иахысуам.

Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилигьы аиҳара рыӡбара дшадгыло иҳәеит, аха, апарламент ахантәаҩы иаҳасабала арегистрациа дахысуеит.

Аҵыхәтәаны, арегистрациа иахысит 52ҩык адепутатцәа, убри аҟынтә, акворум аҟамзаара амшала, аҵәҭаҧсара зымҩаҧымсит.

Аоппозициа ахаҭарнакцәа аӡбаратә системаҿы акоррупциеи анепотизми афактқәеи, гәыҧҩык аӡбаҩцәа рыла егьырҭ аӡбаҩцәа рықәыҕәҕәара афактқәеи ҭызҵааша аамҭалатәи акомиссиа аиҿкаара иаҳәоит.