Актәи аканал адырраҭара "Асабшеи амҽышеи" Евровизиа ақырҭуа конкурсантцәа рвиденҵамҭақәа аӡыргара мҩаԥган

Актәи аканал адырраҭара “Асабшеи амҽышеи” Евровизиа ақырҭуа конкурсантцәа рвиденҵамҭақәа аӡыргара мҩаԥган.

2022 шықәсазы имҩаԥысуа ашәаҳәаратә конкурс аҿы Қырҭтәыла ахьӡала иқәгыло агәыԥ “Сиркус миркус” ашәа Lock Me In нанагӡоит.

Евровизиаҿ ақырҭуа делегациа анапхгаҩы Наҭиа Мшвениераӡе иҟалҵаз аҳәамҭала, Израили Испаниеи рҿы апомоутерқәа мҩаԥгахоит, егьырҭ атәылақәа рделегациақәа раԥхьаӡа еиԥылоит.

“Сиркус миркус” апродакшен аус адызуло аилахәыра “Стоктон” ашьаҭаркҩы Кока Гогохиа ишааицҳаз, аклип аӡыргараахыԥан Украина ицо аибашьра амзызла.

Агәыԥ алахәылацәа рыхьӡқәа идырым, урҭ ауаажәлар етап-етапла ирыдаргалоит.

2022 шықәсатәи Евровизиа ашәаҳәаратә конкурс Италиа, Турин ақалақь аҿы мҩаԥгахоит. Афиналбжа лаҵара 10-и12-и рзы мҩаԥгахоит, афинал – лаҵара 14 рзы.