Акоронавирус амшала ишьақәыргылоу арегулиациақәа ирықәшаҳаҭым ауааҧсыра Қырҭтәыла аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аҧхьа акциа мҩаҧыргоит
Аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аҧхьа еизаз ауааҧсыра акоронавирус аҽыхьчаратә аҧкрақәа раҧыхра иаҳәоит. Акица иалахәып абизнеси аполитикатә партиақәеи рхаҭарнакцәеи атәылауааи.
Апартиа «Гирчи» алидер Зураба Джаҧариӡе ишиҳәаз ала, акциа алахәылацәа апандемиа амшала атәылаҿы ишьақәыргылоу аҧкрақәа раҧыхра иазықәҧоит.
«Атәылақәа рацәа рҿы ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи иадмыркит, ауаажәларратә транспорт аус ауеит, ауаа абжьааҧнеиҧш инхоит. Ҳтәылауаа уаанӡагьы аҕарра иҭагылан, уажәы зынӡаскгьы рхы зланыҟәыргаша рымамкәа иаанхеит. Ауаа амла иагоит, ҳара излауа ала ирласны абри аҭагылазаашьа ҳалҵроуп», — иҳәеит Зураб Джаҧариӡе.