Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 9487 Қарҭ иаарҧшын, 1958 – Аҷара, 1990 – Имереҭи
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 9487 Қарҭ иаарҧшын, 1958 – Аҷара, 1990 – Имереҭи. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 78 172 атестқәа: 46 900 – антиген азы, PCR – 31 272.
Аҵоура арбага: ҽнактәи – 22.42%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 15,32%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 19,58%.
Атәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәан 1 092 684-ҩык, урҭ рҟынтә 977 832-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 14 813-ҩык иҧсит.
Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 2676520-ҩык, ҽнакала алаҵа рзыҟаҵоуп 7661-ҩык.
Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз 17 530 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә: 8 357 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара – 1 958, Имереҭи – 1 990, Қвемо Қарҭли – 831, Шида Қарҭли – 877, Гуриа — 240, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла — 680, Кахеҭи – 704, Мцхеҭа – Мҭианеҭи – 391, Самцхе-Џьавахеҭи — 310, Раҷа-Лечхәыми-Ҵаҟатәи Шәантәыла – 62.