Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 9297 Қарҭ иаарҧшын, 2 277 – Имереҭи, 1 833 – Аҷара
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 9297 Қарҭ иаарҧшын, 2 277 – Имереҭи, 1 833 – Аҷара. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 78 172 атестқәа: 46 900 – антиген азы, PCR – 31 272.
Аҵоура арбага: ҽнактәи – 21,56%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 18,99%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 22,67%.
Атәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәан 1 145508-ҩык, урҭ рҟынтә 995328-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 14 911-ҩык иҧсит.
Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 2704957-ҩык, ҽнакала алаҵа рзыҟаҵоуп 8310-ҩык.
Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз 18274 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә: 9 297 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара – 1 833, Имереҭи – 2 277, Қвемо Қарҭли – 1 024, Шида Қарҭли – 932, Гуриа — 308, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла — 988, Кахеҭи – 815, Мцхеҭа – Мҭианеҭи – 367, Самцхе-Џьавахеҭи — 359, Раҷа-Лечхәыми-Ҵаҟатәи Шәантәыла – 74.