Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 85 Қарҭ иаарҧшын, 22 - Имереҭи, 11 - Гуриа
Акоронавирус 170 афакт ҿыцқәа рҟынтә 85 Қарҭ иаарҧшын, 22 – Имереҭи, 11 – Гуриа. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 6 185 атестқәа: 2 993 – антиген азы, PCR – 3 192.
Аҵоура арбага: мышктәи – 2,75%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 1,56%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 1,72%.
Аепидемиa иaнaлaгa инaркны иaхьaнӡa, aтәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәоуп 277 650-ҩык, урҭ рҟынтә 270 369-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 3 710-ҩык иҧсит.
Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз 170 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә: 85 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара — 9, Имереҭи — 22, Қвемо Қарҭли — 19, Шида Қарҭли — 2, Гуриа — 11, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла — 5, Кахеҭи — 11, Мцхеҭа – Мҭианеҭи — 5, Самцхе-Џьавахеҭи — 1, Раҷа – Лечхумии Аладатәи Шәантәылеи — 0.