Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 700  Қарҭ иаарҧшын, 479- Имереҭи, 374 – Кахеҭи
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 700 Қарҭ иаарҧшын, 479- Имереҭи, 374 – Кахеҭи

Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 700 Қарҭ иаарҧшын, 479- Имереҭи, 374 – Кахеҭи. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 34 918 атестқәа:  20 262 – антиген азы, PCR – 14 656.

Аҵоура арбага: ҽнактәи – 6,9%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 5.53%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 5.31%.

Атәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәан  623 830–ҩык, урҭ рҟынтә 594 669-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 9 134-ҩык иҧсит.

Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 1 836 443-ҩык, ҽнакала – 9 075-ҩык.

Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз 2 410 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә: 700 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара – 113, Имереҭи  –  479, Қвемо Қарҭли  — 151, Шида Қарҭли   – 125, Гуриа  —  74, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла  — 270, Кахеҭи –  374,  Мцхеҭа – Мҭианеҭи  – 49, Самцхе-Џьавахеҭи  — 47, Раҷа – Лечхумии Аладатәи Шәантәылеи  – 28.