Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 672 Қарҭ иаарҧшын, 253 – Имереҭи, 156 – Кахеҭи
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 672 Қарҭ иаарҧшын, 253 – Имереҭи, 156 – Кахеҭи. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 19857 атестқәа: 17226 – антиген азы, PCR – 2631.
Аҵоура арбага: ҽнактәи – 8.64%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 13.98%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 10.7%.
Атәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәан 1637691-ҩык, урҭ рҟынтә 1590380-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 16585-ҩык иҧсит.
Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 2834936-ҩык, ҽнакала алаҵа рзыҟаҵоуп 1613-ҩык.
Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз 1 716 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә: 672 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара – 61, Имереҭи – 253, Қвемо Қарҭли – 56, Шида Қарҭли – 132, Гуриа – 110, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла – 150, Кахеҭи – 156, Мцхеҭа – Мҭианеҭи – 37, Самцхе-Џьавахеҭи – 43, Раҷа-Лечхәыми-Ҵаҟатәи Шәантәыла – 46.